Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә министр иаппарат  –  Импыҵахалоу Аҧсны имҩаҧгаз апрезиденттә алхрақәа аҩбатәи атур  адаҽазнык Қырҭтәыла ахьыҧшымра аилагароуп иаанаго, арҭ алхрақәа азинтә ашьаҭа рымам
Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә министр иаппарат  –  Импыҵахалоу Аҧсны имҩаҧгаз апрезиденттә алхрақәа аҩбатәи атур  адаҽазнык Қырҭтәыла ахьыҧшымра аилагароуп иаанаго, арҭ алхрақәа азинтә ашьаҭа рымам

Импыҵахалоу Аҧсны имҩаҧгаз апрезиденттә алхрақәа аҩбатәи атур  даҽазнык Қырҭтәыла ахьыҧшымра аилагароуп иаанаго, арҭ алхрақәа азинтә ашьаҭа рымам, — иануп аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә министр иаппарат аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, арҭ алхрақәа ауаа ргәазыҳәара аадырҧшуам, убри аҟынтә, азинтә ашьаҭа рымам.

«Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә министр иаппарат импыҵахалоу Аҧсны закәандарала имҩаҧгоу апрезиденттә алхрақәа аҩбатәи  атур иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәоит. Арҭ алхрақәа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи даҽазнык аилагароуп иаанаго.

Ампыҵахалара анынанагӡо аамҭазы, ахҵәацәа шәарҭада аҩныҟа ахынҳәра алшара анрымам, аҭыҧантәи ауааҧсыра рзинқәа анеиларго аамҭазы, арҭ алхрақәа ауаа ргәазыҳәара заадырҧшуам, убри аҟынтә, азинтә ашьаҭа рымам.

Қырҭтәыла аиҳабыра аҭынчратә политика амҩаҧгара нарыгӡоит. Ари аполиткиа ахырхарҭақәа иреиуп адеоккупациеи, аинаалара апроцесси», — иануп аҳәамҭаҿы.