Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәа рҟны имҩаԥгаз аиԥылара иазку аинформациа аланарҵәеит
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәа рҟны имҩаԥгаз аиԥылара иазку аинформациа аланарҵәеит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәа рҟны имҩаԥгаз аиԥылара иазку аинформациа аланарҵәеит.

Аинформациаҿ ишану ала, Адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи лхаҭыԥуаҩ Гьаргь Зурабашвили аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәа рҟны аиԥылараҿ ишазгәеиҭаз ала, жәларбжьаратәи апартниорцәа иақәыӡбароуп аҿагыларатә акциа амчыларатә ҟазшьа ахьаиуз.

“Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ Қырҭтәыла аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәа рҟны аиԥылара мҩаԥган. Аминистр актәи лхаҭыԥуаҩ Гьаргь Зурабашвили 2025 шықәса жҭаара 4 рзы имҩаԥгаз аҭыԥантәи халанапхгараҭаратә органқәа рахь алхрақәеи аҟалаз ахҭысқәеи ирызкны инарҭбаау аинформарциа рзааирԥшит. Аминистр лхаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, жьҭаара 4 рзы имҩаԥгаз алхрақәа ирыцклаԥшуан 28 жәларбжьаратәии, 27 аҭыԥантәи аиҿкаарақәа, иара убас 73  аинформациатә хархәагақәа 1000-ҩык рхаҭарнакцәа. Анапшцәа ражәақәа рыла, алхрақәа мҩаԥысит ҭынч, еилыкка, алхратә процесс ишахәҭаз ала еиҿкаан, Қырҭтәыла атәылауаа рдемократиатә зинқәа рхы иақәиҭны рхы иадырхәартә алшара рыман. Акциа  аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа ирхыҵит, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  акциа алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа ирҭымҵырц, аха ари аныҟарымҵа, аполициа хаҭарнакцәа закәанла иазыԥхьагәаҭоу ахархәага ҷыдақәа рхы иадырхәеит. Адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи лхаҭыԥуаҩ Гьаргь Зурабашвили аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәа рҟны аиԥылараҿ ишазгәеиҭаз ала, жәларбжьаратәи апартниорцәа иақәыӡбароуп аҿагыларатә акциа амчыларатә ҟазшьа ахьаиуз”, – иануп аҳәамҭа аҿы.