Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Лукашенко импыҵахалоу Аҧсны «ивизит» жәларбжьаратәи зин ахадаратә принципқәеи анормақәеи еиланагоит
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәынамӡара аанарҧшит Алеқсандр Лукашенко Урыстәыла ала импыҵахалоу арегион – Аҧсныҟа инеиреи урыстәылатәи ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа рҧылареи иадҳәаланы, — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Алеқсандр Лукашенко Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә аҳәаа еилаганы, импыҵахалоу Аҧсны имҩаҧигаз авизит иақәыӡбоит, уи жәларбжьаратәи зин анормақәеи апринципқәеи реилагароуп.
«Беларустәи аган рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ихьыҧшым аҳәынҭқарра аҵакырадгьылтә акзаара пату ақәҵаны, жәларбжьаратәи зин апринципқәа ирҿагыло ахҭысқәа ҟарымҵаларц», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.
Ишдыру ала, иахьа Беларус ахада Алеқсандр Лукашенко импыҵахалоу Аҧсны днеины, импыҵахалоу Аҧсны де-факто ахада Аслан Бжьаниа диҧылеит.
Апротест адыргала, Қырҭтәыла иҟоу Беларус ацҳаражәҳәаҩ Анатолий Лис Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррашҟа иҧхьеит. Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Алеқсандр Лукашенко Аҧсны ивизит иадҳәаланы беларустәи аган рҟынтә иацҵаны аилыркаарақәа иаҳәеит.