«Ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциа  2023, Қырҭтәыла – Евроеидгыла алаларазы акандидат-тәылоуп» мҩаҧгахоит ҧхынҷкәын  26-28 рзы
«Ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциа  2023, Қырҭтәыла – Евроеидгыла алаларазы акандидат-тәылоуп» мҩаҧгахоит ҧхынҷкәын  26-28 рзы

 

Ҧхынҷкәын  26-28 рзы,   Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аиҿкаарала имҩаҧгахоит Қырҭтәыла аус зуа адипломатиатә миссиақәеи аҳәаанырцә аус зуа Қырҭтәыла аконсултә усбарҭақәеи рнапхгаҩцәа    есышықәсатәи реиҧылара «Ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциа  2023, Қырҭтәыла – Евроеидгыла алаларазы акандидат-тәылоуп».

Аконференциа ааиртуеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура адырра ишану ала, сынтәатәи аконференциаҿы иалацәажәоит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара азҵаара.

«Аконференциа алахәылацәа  инагӡаз аусуреи иҟаҵатәу ашьаҿақәеи даҽазнык ирылацәажәоит, иара убас, акандидат астатус аполиткиатәи апрактикатәи аспектқәеи, арегионаҿ Қырҭтәыла инанагӡо ароли,   евроинтеграциа иахылҵыз алшара ҿыцқәеи ирзааҭгылоит», — аарыцҳаит  Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура аҟынтәи.