Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Украина асуверенитети атерририатә акзаареи хьаҵра змам адгылара азышьақәҳарӷәӷәоит
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Украина асуверенитети атерририатә акзаареи хьаҵра змам адгылара азышьақәҳарӷәӷәоит

Украина асуверенитети атерририатә акзаареи хьаҵра змам адгылара азышьақәҳарӷәӷәоит, – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  аҳәамҭа аҿы.

Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу, Қырҭтәыла Украинеи аукраин жәлари ирыдгылоит.

“Жәларбжьаратә зини ЕАР аԥҟаԥҵа ашьаҭатәи принципқәеи анормақәеи реилагарала, Урыстәыла Украина ақәлеижьҭеи ҩышықәса ҵит. Аибашьра ауаа рацәаӡаны иалаӡит, миллионла ауааԥсыра ахҵәара ирықәшәеит. Қырҭтәыла ахьӡала Украина асуверенитети атерририатә акзаареи хьаҵра змам адгылара азышьақәҳарӷәӷәоит. Қырҭтәыла Украинеи аукраин жәлари ирыдгылоит”, –  иануп аҳәамҭа аҿы.