Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ China Southern Airlines ареисқәа еиҭашьақәгылоуп
Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ China Southern Airlines ареисқәа еиҭашьақәгылоуп

Апандемиа зыхҟьаз хышықәсатәи апауза ашьҭахь, China Southern Airlines Қырҭтәыла авиаџьармыкьахь ихынҳәит.

„TAV Georgia“ аинформациа ала, китаитәи авиаеилахәыра Урумчи аҟынтә Қарҭ ахырхарҭала иахьа актәи ареис нанагӡеит.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ иахьа аныҳәатә церемониа мҩаԥан, уи рхы аладырхәит Қарҭтәи Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазақәа рнапхгараҭаратә аилахәыра TAV Georgia ахаҭарнакцәеи, Атәылауаҩратә авиациа агентреи авиаеилахәырақәеи рхаҭарнакцәа.

China Southern Airlines Урумчи-Қарҭ-Урумчи ахырхарҭала анавигациатә сезон азы ареисқәа есхәаша азы нанагӡоит.