Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа аԥхьа аиҿагылара ҟалеит
Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа аԥхьа аиҿагылара ҟалеит

Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа аԥхьа аиҿагылара ҟалеит.

Аҭыԥ аҿы иҟоу Актәи аканал ажурналист ишаалыцҳаз ала, еиҿагылеит акциа алахәылацәеи азакәанхьчаҩцәеи.

“Амилаҭтә ҵысра” алидерцәа ишаарыцҳаз ала, аполициа аусуҩцәа апровокациақәа мҩаԥыргеит.

Уажәы акциаҿ ҭынчроуп.

Иҟоу адыррақәа рыла, иахьа имҩаԥысуа аӡбарҭатә процесс аҽалархәразы Михеил Саакашвили аӡбарҭахь днагоуп. Аӡбарҭа ахыбра аԥхьа Михеил Саакашвили идгылаҩцәа еизеит. Аҭыԥ аҿы дырӷәӷәеит ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа. Михеил Саакашвили ипроцесс абҵара 7 рзы иҭыԥ змаз аепизод иадҳәалоуп. Аӡбарҭатә процесс иахагылоуп хҩык аӡбаҩцәа рыла ишьақәгылоу аколлегиа