Қарҭ имҩаҧысуеит апроект «Ашәҟәы адунеизегьтәи аҳҭнықалақь» аихшьаалатә уснагӡатәқәа
«Ҳазну амчыбжь азы Қарҭ имҩаҧысуеит апроект «Ашәҟәы адунеизегьтәи аҳҭнықалақь» аихшьаалатә уснагӡатәқәа», – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе аҳҭнықалақь аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.
Калаӡе иажәақәа рыла, анеҩстәи амчыбжь азы, Ашәҟәы аҳҭнықалақь астатус Қарҭынтә мексикатә Гвадалахарахь ииасуеит.
«Қарҭ Ашҟәы адунеизегьтәи аҳҭнықалақьс иҟалеижьҭеи шықәсык ҵит. Апандемиа шыҟазгьы, шәкы еиҳаны апроектқәа мҩаҧган. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳара асасцәа рацәа ҳадаҳкылеит Иунескои, Аҭыжьыҩцәа жәларбжьаратәи рассоциациеи, Франкфурттәи ашәҟәы аџьармыкьеи, Жәларбжьаратәи абиблиотекатә ассоциациеи рҟынтә. Мшаҧы 14 рзы ауааҧсыра зегьы Деде Ена апаркт ашҟа ааҳаҧхьоит. Уаҟа, Ақырҭуа бызшәа амш инамаданы, еиуеиҧшым агәырҿыхаратә уснагӡатәқәа мҩаҧысуеит», — иҳәеит Каха Калаӡе.
Ауснагӡатә иалагоит асааҭ 13:00 рзы.