Қарҭ ахадара – Жәларбжьаратәи апартниорцәа аилахәыра „Метровагонмаш“ асанкциақәа азышьақәдыргылеит, убри аҟынтә, Қарҭ амуниципалиет зыӡбахәы ҳәоу аилахәыраҟны аиқәшаҳаҭра аҧыхра апроцедура иалагеит
Қарҭ ахадара – Жәларбжьаратәи апартниорцәа аилахәыра „Метровагонмаш“ асанкциақәа азышьақәдыргылеит, убри аҟынтә, Қарҭ амуниципалиет зыӡбахәы ҳәоу аилахәыраҟны аиқәшаҳаҭра аҧыхра апроцедура иалагеит

Ажәлар ари азҵаарахь ирымоу хшыҩзышьҭра иазҧхьагәаҭаны, ишәҳардырыр ҳҭахуп Қарҭ ахадара аилахәыра  „Метровагонмаш“ аҟны аиқәшаҳаҭра аҧыхра апроцедура ишалагаз, – иануп аҳҭнықалақь ахадара аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, 2021 шықәса хәажәкыразы, Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи Европатәи Абанк афинансыркрала, атендер рылаҳәан қарҭтәи амуниципалитет азы  40 авагонқәа раахәаразы.

„2021 шықәса абҵаразы атендер аҿы аиааира агеит  аилахәыра  „Метровагонмаш“. Ари аилахәыраҟны авагонқәа раагара иазку аиқәшаҳаҭра ҳадаҳкылеит.

2023 шықәса лаҵара  19 рзы жәларбжьаратәи ҳпартниоцәа зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра асанкциақәа азышьақәдыргылеит.

Ауаажәлар ишырдыруа еиҧш, Қырҭтәыла жәларбжьаратәи асанкциақәа ирықәныҟәоит. Убри аҟынтә, Қарҭ амуниципалитет,  зыӡбахәы ҳәоу аилахәыраҟны аиқәшаҳаҭра аҧыхра апроцедура иалагеит“, – иануп аҳәамҭаҿы.