Қарҭ ахадара - Ақәаршаҩы иахҟьаны ауадаҩрақәа ахьцәырҵыз араионқәа рҿы иашьашәалоу амаҵзурақәа рхаҭарнакцәа аусура иаҿуп
Ақәаршаҩы иахҟьаны раионқәак рҿы ауадаҩрақәа цәырҵит, – аарыцҳаит Қарҭ ахадара аҟынтә.
Аҳәамҭаҿ ишану ала, зегь реиҳа ицәгьоу аҭагылазаашьа Глдани ыҟоуп, “Мухиантәи адачақәа” зыхьӡу араион аҿы аӡы ашҭақәа ирҭалеит.
“Ихыҵит аӡиас Глданула, адгьылбгара ҟалеит. Ҭыԥқәак рҿы амҩатә инфраструктура аԥхасҭа аиуит, аҵлақәа каҳаит.
Ақәаршаҩы иахҟьаны ауадаҩрақәа ахьцәырҵыз араионқәа рҿы иашьашәалоу амаҵзурақәа рхаҭарнакцәа аусура иаҿуп. Атәылауаа рзы аус ауеит Қарҭ ахадара ацәаҳәа шшы: 2722222”, – иануп аинформациа аҿы.