Қарҭ атранспорт аиҭаҵра аамҭала иҧкуп
Қарҭ атранспорт аиҭаҵра аамҭала иҧкуп

Мшаҧы  29 рзы Русҭавели имҩадуаҿ имҩаҧысраны иҟоу жәларзеигьтәи аизара иадҳәаланы, Қарҭ, Раҧхьатәи ареспублика ашҟа иаркны Ахақәиҭра ашҭанӡа атранспорт аиҭаҵра иҧкуп.

Қарҭ ахадара адыррала, иахьа асааҭ  11:00 инаркны аҧкрақәа ҟалоит автобустә цәаҳәа мацараҿ, асааҭ  20:00 инаркны мшаҧы  29  иналаҧхьаӡаны, Русҭавели имҩадуаҿ атранспорт аиҭаҵра иқәиҭымуп.