Қарҭ „Ашықәсҿыцтәи ақыҭа“  ажьырныҳәа 14-нӡа аус ауеит
Қарҭ „Ашықәсҿыцтәи ақыҭа“  ажьырныҳәа 14-нӡа аус ауеит

„Ашықәсҿыцтәи ақыҭа“ асасцәа аднакылоит ажьырныҳәа  14-нӡа, – Қарҭ ахада Каха Калаӡе ари атәы ааицҳаит асоциалтә аҳаҿы.

„Ҧаса ишаҳҳәз еиҧш, „Ашықәсҿыцтәи ақыҭа“ ажьырныҳәа 7-нӡа иаартызар акәын, аха, ауааҧсыреи анаплакҩцәеи рыҳәарала, ари аҿҳәара ацаҳҵеит. Ашықәсҿыцтәи ақыҭа аус ауеит ажьырныҳәа 14-нӡа. Ишәыдысныҳәалоит Ашықәс Ҿыц. Ҳтәыла ақәҿиарақәеи, агәырҕьареи, абзиабареи агымхааит“, – иҳәеит Каха Калаӡе.