Қарҭ «Ашықәсҿыцтәи ақыҭа» аадыртит.
Қарҭ ахадара аинформациа ала, «Ашықәсҿыцтәи ақыҭаҿ» ауснагӡатәқәа ажьырныҳәа 7-нӡа нагӡахоит.
«Иахьа инаркны қарҭааи аҳҭнықалақь асасцәеи «Ашықәсҿыцтәи ақыҭа» аҭаара алшара рымоуп.
Деда Ена абаҳчеи, Аиустициа аҩни ирыҧну аҵакырадгьылқәа рҿы иаарту «Ашықәсҿыцтәи ақыҭаҿ» еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа мҩаҧысуеит. Ашықәсҿыцтәи ақәыҧшыларақәа рҿы аинтерес злоу арбарақәеи, акультуратәи, аспорттәи, ахәыҷтәи, еиуеиҧшым атематикатәи усмҩаҧгатәқәеи аконцертқәеи мҩаҧысуеит. Араҟа адекорациақәеи аинсталлиациақәеи, аҧсаҵлақәеи, ашықәсҿыцтәи адәыҕбеи, Санта иҩни еиҿаҳкаауп. Ахәыҷқәа Сантеи актиорцәеи рбар рылшоит.
Иара убас, ахаатәқәа рфестивали ашықәсҿыцтәи аџьармыкьеи мҩаԥысуеит», – иануп аинформациа аҿы.
