«Қарҭ, амч змоу азакәан ала иҳәаақәҵоу агерби абираҟи амазаауеит», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе амуниципалтә аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.
Иара иажәақәа рыла, иахьазы Қарҭ мацароуп агерби абираҟи змам.
«Амуниципалитет агерби абираҟи аҳәынҭқарратә символқәа ирыҵанакәеит, урҭ рышьақәыргылареи рхархәареи апҟара ҳәаақәҵоуп азакәан ала. Иахьа уажәраанӡа иҟаз Қарҭ агеральдикатә символқәа азакәан ала ишьақәыргылоу акритериқәа ирышьашәалам, урҭ иришатәуп», — иҳәеит Каха Калаӡе.
Қарҭ ахада ишиҳәаз ала, иреиҕьу аескизқәа раарҧшразы акомиссиа ҷыда еиҿкаауп.