Қарҭ иаартуп аҩи алкоголь злоу арыжәтәи 15-тәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа
Қарҭ иаартуп аҩи алкоголь злоу арыжәтәи 15-тәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа

Иахьа  аофициалла аадыртит  аҩи алкоголь злоу арыжәтәи 15-тәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа WINEXPO 2023. Ацәыргақәҵа ааиртит аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Оҭар Шамугиа.

Сынтәа ацәыргақәҵа  WINEXPO 2023 иалахәып быжь-тәылак  (Италиеи, Германтәылеи, Венгриеи, Ҭырқәтәылеи, Украинеи, Шәамахьтәылеи, Қырҭтәылеи) рҟынтә 200 раҟара еилахәырақәа.

WinExpo Georgia 2023  амҩаҧгара иацхрааит Аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистрреи Аҩы амилаҭтә агентреи.

Аҩи алкоголь злоу арыжәтәи 15-тәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа WinExpo Georgia 2023 маҩыҧсуеит ацәыргақәҵатә центр „Еқспоџьорџьиа“  11-тәи апавилионаҿ, рашәара 2 – 4 рзы.