Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазантә Алматашҟа ареисқәа мҩаҧгахоит рашәара инаркны
Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазантә Алматашҟа ареисқәа мҩаҧгахоит рашәара инаркны

Рашәара 4 инаркны казахстантәи авиаеилахәыра  FlyArystan  Қәҭешь ахырхарҭала даҽа реиск амҩаҧгара иалагоит. Қырҭтәылатәи Аҳаирбаҕәазақәа реидгыла аинформациа инақәыршәаны, аиҿцәажәарақәа аҵыхәтәантәи араунд қәҿиарала ихыркәшан.

Ареисқәа мҩаҧгахоит мчыбжьыкахь ҩынтә, ахашеи амҽышеи рзы, аҳаирплан  А320 ала.

Уажәазы  казахстантәи авиаеилахәыра  FLyArystan  Қәҭешьҟа ишиашоу ареисқәа мҩаҧнагоит  Астанеи, Атырауи, Актауи Шымкенти рҟынтәи.