Қәҭешьтәи аҳаирбаӷәазантә Барселонеи Венеи рахь ишиашоу ареисқәа рынагӡара еиҭалагоит
Қәҭешьтәи аҳаирбаӷәазантә Барселонеи Венеи рахь ишиашоу ареисқәа рынагӡара еиҭалагоит

Жьҭаара 31 инаркны Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазантә Барселона ахырхарҭала мчыбжьык ахь знык ишиашоу еиԥырҟьам авиареис нагӡахоит, абҵара 2 инаркны WizzAir Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазантә Вена ахырхарҭала мчыбжьык ахь ҩынтә рахь ишиашоу ареисқәа рынагӡара еиҭалагоит, – ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла аҳаирбаӷәазақәа реилазаара аҟынтә.

Иҟоу адырраҩқәа рыла, Испаниа Қырҭтәылантә иарбанзаалак акоронавирус азы алаҵа ззыҟарҵахьоу атуристцәа рыднакылоит, апассаџьырцәа алаҵа шырзыҟарҵаз аршаҳаҭга – ковид-сертификат рымазароуп. Ипаниахь идәықәлаанӡа апассаџырцәа арегистрациатә форма хадырҭәаароуп асаит  www.spth.gob.es/create ҷыда аҿыю Асаит аҟынтә ироуа QR акод аҳәааҿ иддырбароуп.

Австриа идәықәло апассаџьырцәа еиқәыԥхьаӡоу адокументқәа аадырԥшыроуп:

1.Аҵыхәтәантәи 72 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵаз  PCR атест иҵоурам аҭак зыршаҳаҭуа адокумент

2. Авирус зхызгаз атәылауаа ари афакт аазырԥшуа аҳақьым инапы аҵаиҩыз адокумент ма BioNTech-Pfizer, Moderna, AstraZeneca, Johnon and Johnson, BIBP-CorV–Sinopharm,Sinovac авакцинациа акурс наӡа ахысра зыршаҳаҭуа адокумент

Иара убас хадырҭәаароуп онлаин арегистрациа аформа https://entry.ptc.gv.at/en.