Прибалтикеи Болгариеи урыстәылатәи адипломатцәа алырцеит
Прибалтикеи Болгариеи урыстәылатәи адипломатцәа алырцеит

Прибалтикеи Болгариеи урыстәылатәи адипломатцәа алырцеит.   Ари атәы аанацҳаит Reuters.

Латвиеи, Литвеи, Естониеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа еицыҟарҵаз аҳәамҭа ишану ала, зынӡа абарҭ атәылақәа ирылцоуп 10ҩык урыстәылатәи адипломатцәа.

Латвиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Едгарс Ринкевичс ишиҳәаз ала, адипломатцәа  атәыла алырцеит  дара русура адипломатиатә статус ахьашьашәаламыз амшала. Иара убас, ари аӡбара Украина имҩаҧысуа аурыс агрессиагьы иадҳәалоуп.

Болгарие Естониеи рминистррақәа рҿы ишырҳәаз ала, урыстәылатәи адипломатцәа ишиашо Естониа ашәарҭадара иаҧырхаган, Урыстәыла ауранагӡара арқьиара амзызла апропаганда мҩаҧыргон.

Литва ишаарыцҳаз ала, урыстәылатәи адипломатцәа алырцеит Украина адгылара азаарҧшразы.

Болгариагьы  10ҩык аурыс дипломатәа ралцаразы аӡбара рыдыркылеит. Баолгариа иҟоу  Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ ишиҳәаз ала, адипломатцәа адипломатиатә статус иашьашәалам  аусура рхарарҵеит.