Португалиатәи АИХ Қырҭтәыла атуристтә потенциал иазкны  -  Қырҭтәыла шәҩнеиҧш шәыҧсы шәшьоит
Португалиатәи АИХ Қырҭтәыла атуристтә потенциал иазкны  -  Қырҭтәыла шәҩнеиҧш шәыҧсы шәшьоит

Португалиатәи атуристтә ҭыжьымҭа  Opcaoturismo-и viagens.sapo-и аҿы Қырҭтәыла атуристтә хырхарҭақәа иазкны астатиақәа  кьыҧхьуп.

АИХ ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла иаҭааит Қырҭтәыла Атуризм азы амилаҭтә администрациа апресс-тур аҳәаақәа ирҭагӡаны. Португалиатәи ажурналистцәа  аҧхьаҩцәеи асоциалтә аҳақәа рхархаҩцәеи ақырҭуа акультуратә ҭынхеи, аҳәырҧсаррақәеи,   амилаҭтә чыси иазкны ирзеиҭарҳәеит.

«Қырҭтәыла аҩнеиҧш шәыҧсы шәшьоит. Ари атәыла ахатә ландшафти,  ауааҧсыреи,  аҧсабареи рыла иалкаауп. Атрадициақәа рыла Португалиа излеиҧшу рацәоуп», — иҩит Қырҭтәыла иҟаз  Opcaoturismo ажурналист.

Апресс-тур аиҿкаара иацхрааит Португалиа иҟоу Қырҭтыла ацҳаражәҳәарҭа. Акциа хықәкыс иаман Португалиа Қырҭтәыла атуристтә потенциал аӡыргареи атуристцәа рыдыҧхьалареи.