"Польша арадио" - Евроеидгыла Қырҭтәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит, Саакашвили аҳәаанырцә ацара зин ирҭар,  Евроеидгыла аҵакыраҿ дахьынӡаҟало уи аполитика ихы алаирхәӡом ҳәа
"Польша арадио" - Евроеидгыла Қырҭтәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит, Саакашвили аҳәаанырцә ацара зин ирҭар, Евроеидгыла аҵакыраҿ дахьынӡаҟало уи аполитика ихы алаирхәӡом ҳәа

Польшатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Польша аԥшьгарала, Евроеидгыла Қырҭтәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит, Саакашвили аҳәаанырцә ацара зин ирҭар,  Евроеидгыла аҵакыраҿ дахьынӡаҟало уи аполитикеи ауаажәларратә ԥсҭазаареи ихы алаирхәӡом ҳәа.

Польша Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили ахәышәтәразы идкылара азыхиоуп, – аанацҳаит Польша ауаажәларратә дырраҭара иаҵанакуа “Польша арадио”.

Бриуссель аҟынтә “Польша арадио” акорреспондент ишааицҳаз, аԥшьашаҽны имҩаԥысран иҟоу асаммит иалагаанӡа, Евроеидгыла Қырҭтәыла анапхгара Польша аԥшьгара иазку ашәҟәы рзырышьҭуеит. Аих аинформациала, ашәҟәы аҟны Евроеидгыла Қырҭтәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит, Саакашвили аҳәаанырцә ацара зин ирҭар,  Евроеидгыла аҵакыраҿ дахьынӡаҟало уи аполитикеи ауаажәларратә ԥсҭазаареи ихы алаирхәӡом ҳәа.

“Михеил Саакашвили дыԥсыр, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи ЕАШ-и, Нато-и рҟны реизыҟазаашьақәа цәгьахар ҟалап”, – иануп аацҳамҭаҿ.