Польша Адәныҟатәи аусқәа рминистри Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хадеи Буча иаҭааит
Польша Адәныҟатәи аусқәа рминистри Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хадеи Буча иаҭааит

Польша Адәныҟатәи аусқәа рминистр, Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи аиҿкаар уажәтәы анапхгаҩы Збигнев Рау  Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада Ҳельга Шмидти Буча иаҭааит.

“Адәныҟатәи аусқәа рминистр Збигнев Рауи Европатәи аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада Ҳельга Шмидти арыцҳара ду ахьыҟалаз Буча иаҭааитю Украина урыстәылатәи аруаа иҟарҵаз арратә ацәгьаурақәа иаҳхашҭуам, ахара зду ақәнагаа рықәҵахоит”, –  иануп Збигнев Рау”Твиттер” ианылаз иҳәамҭа аҿы.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Збигнев Рау Киев Украина ахада Владимир Зеленскии, аԥыза-министр Денис Шмыгали украинатәи иколлега Дмитри Кулебеи дырылоит.