Питер Стано ишааицҳаз ала, Евроеидгылаҿы агәҭынчымра узцәырызго аинформациа рымоуп Украина аҳәааҿы Урыстәыла арратә хәҭақәа рҽеизакра иадҳәаланы
Питер Стано ишааицҳаз ала, Евроеидгылаҿы агәҭынчымра узцәырызго аинформациа рымоуп Украина аҳәааҿы Урыстәыла арратә хәҭақәа рҽеизакра иадҳәаланы

Евроеидгылаҿы агәҭынчымра узцәырызго аинформациа рымоуп Украина аҳәааҿы Урыстәыла арратә хәҭақәа рҽеизакра иадҳәаланы, — ари атәы ааицҳаит адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рзы Еврокомиссиа аспикер Петер Стано.

Стано иҳәамҭала, Евроеидгыла Украина аҳәаақәа рҿы аҭагылазаашьа ацклаҧшра нарыгӡоит, ироуа аинформациа зегьы апартниорцәа ирыдаргалоит, Америкеи Британиа Дуи нрылаҵаны. Стано ишиҳәаз ала, астандарттә арратә азыҟаҵарақәа раан аконкреттә аҧҟарақәеи апроцедурақәеи иҟоуп, иаҳҳәап, апартниорцәа иаамҭаны адырра рыҭара. Аха, Стано ишиҳәаз ала, уажәазы ус ҟамлеит. Иара иажәақәа рыла, абҵара 15 рзы Евроеидгыла ахеилак аҿы иалацәажәоит Украина аҳәаақәа ирзааигәаны аурыс арратә хәҭақәа рҽеизакра азҵаара.