Бриуссель Қырҭтәыла ахь иаргыло ашьаҿақәа ҳгәаԥхом, Евроеидгыла иҩбоу астандартқәа амамзароуп, – иҳәеит Венгриа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Птиер Сииарто Анталиа, ақырҭуа журналистцәа данрацәажәоз.
“Адунеи аҿы арӷьаратәи аполитикца алхрақәа рҿы аиааира аныргалакь иаразнакҵәҟьа Бриуссель адемократиа ашәарҭа иҭагылоит ҳәа ацәажәара иалагоит. Бриуссель ишырыԥхьаҿо ала, алибералцәа рнапхгараҭара мацара ауп адемократиа. Ари ас иҟамзароуп, ари ииашам, ҳара аҭагылазаашьа аиӷьтәра ҳҭахуп”, – иҳәеит Сииарто.
Аминистр иажәақәа рыла, Дональд Трамп Аҩны шкәакәа ашҟа ихынҳәра ашьҭахь жәларбжьаратә политика ашҟа апатуқәҵаратә еизыҟазаашьақәа ихынҳәит.
“Сгәы шаанаго ала, ЕАШ ахада Трамп Аҩны шкәакәа ашҟа ихынҳәра ашьҭахь жәларбжьаратә политика ахь апатуқәҵаратә еизыҟазаашьақәа, арационализм, апрагматика, атәым тәылақәа рыҩнуҵҟатәи усқәа рҽаламгалара ихынҳәит. USAID афинансыркрақәа ахьаанкгылоу даара ибиаоуп, уи ала атәылақәа рыҩныҵҟатәи усқәа рҽалагалра знапы алакыз еиҿкаарақәа рхыԥхьаӡара маҷоит”, – иазгәеиҭеит Питер Сииарто.