Пит Хегсет — Украинатәи аибашьра лассы ихыркәшамхар, Вашингтони уи адгылаҩцәеи  Урыстәыла ари агрессиазы ахә ашәара адырцаларц азыҳәан иахәҭоу ашьаҿақәа ҟарҵоит
Пит Хегсет — Украинатәи аибашьра лассы ихыркәшамхар, Вашингтони уи адгылаҩцәеи  Урыстәыла ари агрессиазы ахә ашәара адырцаларц азыҳәан иахәҭоу ашьаҿақәа ҟарҵоит

 

Америка атәылахьчара аминистр Пит Хегсет иҳәамҭала, Украинатәи аибашьра лассы ихыркәшамхар, Вашингтони уи адгылаҩцәеи  Урыстәыла ари агрессиазы ахә ашәара адырцаларц азыҳәан иахәҭоу ашьаҿақәа ҟарҵоит.

Пит Хегсет ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Бриуссель, Украина иадгыло аҳәынҭқаррақәа ргәыҧ аимадаратә аиҧылараҿы.

«Украинатәи аибашьра лассы ихыркәшамхар, Вашингтони уи адгылаҩцәеи Урыстәыла ари агрессиазы ахә ашәара адырцаларц азыҳәан иахәҭоу ашьаҿақәа ҟарҵоит.  Иаҭаххар, Америка ахатә алагала аҟаҵара иазыхиоуп. Ахада Трамп ихаан акәӡам ари аибашьра ианалагаз, аха, уи ипрезидентраан ихыркәшахоит. Шәааи, мчыла аҭынчра еиқәҳаршәап», — иҳәеит  Пит Хегсет.

Уаанӡа, Пентагон анапхгаҩы, НАТО иалоу атәылақәа ртәылахьчара аминистррақәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Украина абџьар азаахәаразы ахарџьқәа аздырҳарц.