Ҧхынгәы 24 инаркны амч аиуеит акьыба ачымазара змоу апациентцәа амедицинатә усбарҭақәа рҿыҵәҟьа ахәшәқәа раиура алшара рызҭо  ақәҵара
Ҧхынгәы 24 инаркны амч аиуеит акьыба ачымазара змоу апациентцәа амедицинатә усбарҭақәа рҿыҵәҟьа ахәшәқәа раиура алшара рызҭо  ақәҵара

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр  Михаила Сарџьвелаӡе иҳәамҭала, ҧхынгәы 24 инаркны амч аиуеит акьыба ачымазара змоу апациентцәа амедицинатә усбарҭақәа рҿыҵәҟьа ахәшәқәа раиура алшара рызҭо  ақәҵара.

Сарџьвелаӡе ишиҳәаз ала,  апациентцәа ирзыманшәалоу асистема аҧҵара ахырхарҭала аусура инагӡоит.

«Иҳаҩсыз амчыбжь азы знапаҵаҩыз адҵа инақәыршәаны,  акьыба ачымазара змоу апациент,  ахәышәтәырҭа аҿыҵәҟьа ахәшәқәа зегьы иоуеит,  арецепт азыҳәан аҳақьым идҵаалара иқәшәом.

Адҵа амч аиуеит уаҵәы инаркны. Ари аӡбара апациентцәа ринтересқәеи рзинқәеи рыхьчара аиҕьтәра иазку зҵакы дуу шьаҿоуп», — иҳәеит  Сарџьвелаӡе.