„Персеус Сҭраҭеџьис“ аҳасабрба - Урыстәыла аполитбаандаҩцәа рсиа иануп 2008 шықәсатәи Урыстәыла - Қырҭтәылатәи еибашьра иадҳәалоу ахаҿқәагьы
Урыстәыла аполитбаандаҩцәа рсиа иануп 2008 шықәсатәи Урыстәыла – Қырҭтәылатәи еибашьра иадҳәалоу ахаҿқәагьы. Ари аинформациа иаланарҵәеит Вашингтон ишьаҭарку аиуристтә еилахәыра „Персеус Сҭраҭеџьис“. Аиҿкаара аинформациа инақәыршәаны, Урыстәыла 230ҩык аполитбаандаҩцәа иҟоуп.
Урҭ дреиуп Петр Парпулов. 2016 шықәсазы иара аҧсадгьыл аҧсахра ихараҵаны, 12 шықәса абаандаҩтәра иқәырҵеит. Ишырҳәаз ала, Парпулов аҳәынҭқарратә амаӡа злаз аинформациа Қырҭәтыла аиҳабыра ириҭон.
„Аха, Парпушов Қырҭәтыла анапхгара ириҭеит әҳа ззырҳәо аинформациа аргама ицәырган, уи Урыстәыла атәылахьчара аминистрра авебдаҟьа ианын, “, – иануп „Персеус сҭратеџьис“ аҳасабрбаҿы.
Иара убас, асиа иалоуп аурыс арб#ьармчқәа реиҭаҵра иазку аинформациа иаладырҵәон ҳәа Москва иззырҳәаз ахаҿқәа, урҭ роуп Марина Џьанџьҕавеи, Аник Кесиани, Оксана Севастидии. Урҭгьы аҧсадгьыл аҧсахра рхарарҵоит. Москва ишырҳәаз ала, арҭ аҳәса амессиџьқәа рҩуан 2008 шықәса нанҳәазы шәача ақалақь аҿы аурыс арратә техника еиҭаҵуеит ҳәа. Марина Џьанџьҕавеи, Аник Кесиани, Оксана Севастидии 12, 8, 7 шықәса абаандаҩтәра рықәырҵеит.