Патриархиа - Ауаа Апатриарх Илиа II инышәынҭрааҿы ҳаҭырла дыргәаладыршәарц азыҳәан, есымша асааҭ  08:00 инаркны  22:00-нӡа  Сиони аныхабаа иаҭааир рылшоит 
Патриархиа - Ауаа Апатриарх Илиа II инышәынҭрааҿы ҳаҭырла дыргәаладыршәарц азыҳәан, есымша асааҭ  08:00 инаркны  22:00-нӡа  Сиони аныхабаа иаҭааир рылшоит 

Апатриарх ишьҭрамҭаҩ амитрополит Шио иныҳәарала, иахьа инаркны  40 мшы ирылагӡаны, Сиони аныхабааҿы, Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа Аҩбатәи инышәынҭраҿы, адоуҳатә хаҿқәа  есымша апанихида мҩаҧыргоит. Ари атәы иануп Қырҭтәыла Апатриархиа иаланарҵәаз аинформациаҿы.

Аинформациаҿы ишазгәаҭоу ала, ауаа Апатриарх Илиа II инышәынҭрааҿы ҳаҭырла дыргәаладыршәарц азыҳәан, есымша асааҭ  08:00 инаркны  22:00-нӡа  Сиони аныхабаа иаҭааир рылшоит.

«Аныхабааҿы есымша Анцәаимаҵзура мҩаҧгахоит. Убри аҟынтә, апанихида мҩаҧгахоит асааҭ  11:00 инаркны  16:00-нӡа, нас асааҭ 18:00 инаркны  22:00-нӡа», — иануп аинформациаҿы.