Париж ақалақь амҵан иҟоу раионқәак рҿы акоменданттә сааҭ рыларҳәеит
Париж ақалақь амҵан иҟоу раионқәак рҿы акоменданттә сааҭ рыларҳәеит

Париж ақалақь амҵан иҟоу раионқәак рҿы акоменданттә сааҭ рыларҳәеит.

Ари атәы аанацҳаит «BBC».

Иара убас, Париж ауаажәларратә транспорт аусура иҧкуп.

Иахьа асааҭ  19:00 инаркны  Марсель ақалақь аҿгьы  ауаажәларратә транспорт аусура иаҟәыҵуеит.

Аҩныҵҟатәиа усқәа рминистрра адыррала, ҵхыбжьон иҟалаз аилаҩынтәраан Франциа зеџьынџьара  875ҩык аанкылан. Франциа апротест иалагеит рашәара 27 рзы Париж амҵан,   Нантере араионаҿ аполициа аусзуҩ  17 шықәса зхыҵуаз арҧыс дшьишьыз анеилкааха ашьҭахь. Аполициа аусзуҩ даанкылоуп.