Пакистан Индиа “Буниан Аль-Марсус” хьӡы змоу арратә операциа аофициалла алагеит. Аоперациа ахьӡ Аҟәырҟан аҟынтә ацитатоуп, уи амилаҭтә акзаара ауп иаанаго.
Пакистан арратә усҳәарҭа аинформациала, “Фатаҳ-2” атип золу хракетак ирышьҭит Индиа арратә обиектқәа рхырхарҭала.
Аимак мшаԥы 22 рзы алагеит, Индиа ахылаԥшра аҵаҟа иҟоу Кашмир, Паҳалгам ааигәара атерористцәа ржәылара иалаӡит 28-ҩык аҭынч тәылауаа, рыбжеиҳарак атуристцәа ракәын. Индиа Пакистан атероризм адгылара ахаранаҵеит.
Иаҭакны, лаҵара 7 рзы Индиа абџьармчқәа аоперациа “Синдур” мҩаԥнаган, Пакистан ахылаԥшра аҵаҟа иҟоу Кашмири Пенџьаби рҿы жәлокациак рганахьала аракетатә жәылара мҩаԥнагеит.
G7 иалоу атәылақәа Индиеи Пакистани рахь ааԥхьара ҟарҵоит аимак адеескалациеи адиалоги ирылагарц.