Пакистан аџьамаа аҧжәараан иҭахеит  25ҩык иреиҵамкәа
Пакистан аџьамаа аҧжәараан иҭахеит  25ҩык иреиҵамкәа

Пакистантәи ақалақь Пешавар  аџьамаа аҧжәараан иҭахеит  25ҩык иреиҵамкәа,  120ҩык ахәрақәа роуит, урҭ рҟынтә зҭагылазаашьа цәгьоу рацәоуп. Ари аинфомациа аланарҵәеит агентра Reuters.

Ари ахҭыс шыҟалаз збаз ауаа ишырҳәаз ала, ахәрақәа зауз иреиуп шьыжьымҭан аџьамаашҟа инеиз аполициа аусзуҩцәагьы.  Reuters адыррала, ари аџьамаа аполициа аофицарцәа рыҩны авара игылан. Аҧжәараан аџьамааҿы  260ҩык иҟан.

Аҭыҧаҿы аус руеит аполициеи  аиқәырхаратә маҵзуреи ахаҭарнакцәа.