Пакистан аиҳабыра рдыррақәа рыла, аӡхыҵра иахҟьаны атәыла атерриториақәа ахԥарак аӡы рхыҵәеит
Пакистан аиҳабыра рдыррақәа рыла, аӡхыҵра иахҟьаны атәыла атерриториақәа ахԥарак аӡы рхыҵәеит

Пакистан аиҳабыра рдыррақәа рыла, аӡхыҵра иахҟьаны атәыла атерриториақәа ахԥарак аӡы рхыҵәеит. Ари атәы аанацҳаит ВВС.

Зымҽхак ҭбаау аӡхыҵра амшала амҩақәа, аҩнқәа аԥхасҭа роуит.

“Ари аоекануп, адгьыл иубарҭам,”- иҳәеит Пакистан Аклимат азы аминистр.

Пакистантәи анапхгара ринформациала, аԥсабаратә рыцҳара амшала аԥхасҭа роуит 33 миллионҩык пакистанаа. Заанаҵтәи адыррқәа рыла, атәыла аӡхыҵра амшала 10 миллиард доллар иаҟароу аԥхасҭа аиуит.