PACE ахантәаҩы ақырҭуа делегациа аднакылаз аӡбамҭа иазкны агәынамӡара ааирԥшит
PACE ахантәаҩы Теодорос Русопулос Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа ааныьра иазкны ақырҭуа делегациа аднакылаз аӡбамҭа иазкны агәынамӡара ааирԥшит
“Қырҭтәыла адемократиатә стандартқәа рыҳаракразы ихырҳагоу диалог азы ари ишәарҭоуп”, – иҳәеит Теодорос Русопулос.
Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа Қырҭтәыла азҵаара иазкыз арезолиуциа аднакылеит. Ассамблеиа аӡбарала, мшаҧынӡа ари Ассамблеиаҿы Қырҭтәыла азинмчқәа иҧкызаауеит. Адокументаҿ иарбоуп мшаҧынӡа Қырҭтәыла инанагӡараны иҟоу аҭагылазаашьақәа. Арҭ аҭагылазаашьақәа иреиуп “аполитбаандаҩцәа рхақәиҭтәреи аҿыц алхрақәа рылаҳәареи”. Ари иаҭакны „Ақырҭуа гәахәтәы“ агәыҧ рыӡбарала, рзинмчқәа шышьақәырҕәҕәоугьы, ҳара Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиаҿы аусура иаҟәыҵуеит.