Қырҭтәыла Аиустициа аминистр Паата Салиа Израиль Амилаҭтә шәарҭадаразы аминистр Итамар Бен-Гвир диԥылеит.
Аиԥылараан аганқәа Қырҭтәылеи Израили ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи аиустициа ахырхарҭала аусеицура арҭбаареи ирыхәаԥшит.
Паата Салиа израильтәи аган ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра априоритетқәа: апенитенциартә системаҿ имҩаԥгаз ареформақәеи абаандаҩцәа рреабилитациеи рресоциализациеи рпрограммақәеи ирызкны драцәажәеит.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, израильтәи аделегациа Глдани иҟоу №8 абахҭа иаҭааин, аинфраструктуреи абахҭаҿ иҟоу аҭагылазаашьеи рбеит.