Паата Имнаӡе  - Ҩымчыбжь рышьҭахь ачымазаҩцәа рхыҧхьаӡара еиҵхап ҳәа сгәыҕуеит
Паата Имнаӡе  - Ҩымчыбжь рышьҭахь ачымазаҩцәа рхыҧхьаӡара еиҵхап ҳәа сгәыҕуеит

 

Ҩымчыбжь рышьҭахь ачымазаҩцәа рхыҧхьаӡара еиҵхап ҳәа сгәыҕуеит,  —  иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Паата Имнаӡе Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.

Иара иажәақәа рыла, иахьа иаарҧшыз афактқәа усҟак ишырацәамзгьы, аҽырҭынчра ҟалом.

«Иахьа иаҳа имаҷны афактқәа аарҧшын, аха, аҽырҭынчра ҟалом, избанзар макьана аҭагылазаашьа ҳацклаҧшроуп.  Аҧкрақәа рырџьбара ала акороанвирус афактқәа рызҳара аанаҳкылеит ҳәа ҳгәыҕуеит, аха аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара алацәажәара заацәоуп. Убри аҟынтә, асабрадақәа рныҟәгареи,  абжьагарақәа рынагӡареи, ауаа рацәа реизара аҧкреи наҳагӡароуп», — иҳәеит Паата Имнаӡе.