Озургеҭи арыцлагаратә наплакы аусзуҩцәа азабастовка иалагеит
Озургеҭи арыцлагаратә наплакы «Гуриа Експресс» аусзуҩцәа азабастовка иалагеит. Ауаа аџьаусҧса рзацҵареи, амедицинатә аҧгаҧсеи, аусуратә ҭагылазаашьақәа реиҕьтәреи иаҳәоит.
Иара убас, акциа алахәылацәа ишырҳәаз ала, анаплакы администрациа аусуҩцәа ишакәым ала ирызныҟәоит, раҳаҭыр ладырҟәоит. Убри аҟынтә, адукат қьырала дыргеит.
Аилахәыра «Гуриа Експресс» аиурист Акаки Ҭоиӡе ишиҳәаз ала, уажәазы аусзуҩцәа рыҳәарақәа реиҳара нагӡоуп. Аха, аилаахәыра администрациа аусуҩцәа аџьаусҧса рзацҵара азҵаара иакьана иахәаҧшуам.
Азабастовка алахәылацәа ишаарыцҳаз ала, рыҳәарақәа зегьы нагӡахаанӡа аусура иалагом.