OSCE иалоу атәылақәа зегьы Қырҭтәыла иазку аҳәамҭақәа еицыҟарҵеит
OSCE иалоу атәылақәа зегьы Қырҭтәыла иазку аҳәамҭақәа еицыҟарҵеит

OSCE иалоу атәылақәа зегьы Қырҭтәыла иазку аҳәамҭақәа еицыҟарҵеит.

Аҳәамҭаҿ ишану ала, агәынамӡара еиҭах аадырԥшуеит Қырҭтәыла ауаҩытәыҩса ищинқәа рҭагылазаашьа ацәгьахара иазкны.

“Жәабран иҳамаз адискуссиа ашьҭахь иубарҭоуп Қырҭтәыла анапхгара адемократиеи ауаҩытәыҩса изинқәа рганахьала ирымоу аҭакԥхықәрақәа иаҳа ирцәыхарахеит. Ҳгәынамӡара х-хырхарҭак ирызкуп: атәылауаҩратә қәыԥшыларақәа азакәанԥҵаратә аԥкрақәа рықәҵара, зхы иақәиҭу аихқәа ирҿагыло ахымҩаԥгашьа, аполициа хаҭарнакцәа рзинмчы аиҳатәра, идырым ахаҿқәа аҭынч тәылауаа ркыдцалара, аԥхьакырҭақәа рҿы ашьаҭа амамкәа раанкылара,ишахәҭам ала рызынҟәара.

“Атәым агентцәа” рҭаҩра иазку азакәан инақәыршәаны, атәым финансркра змоу иҳәанҭқарратәым аиҿкаарақәеи ахаҿқәеи зегьы “атәым агентцәа” раҳасабала ареестр ҷыдаҿарегистрациа иазысроуп. Арегистрациа мап ацәызкуа афинанстә санкциақәеи ашьауӷеи рықәҵахоит. Ҳара ODIHR агәаанагара ҳақәшаҳаҭуп – ари азакәан атәылауаҩратә еиҿкаарақәеи азинхьчаҩцәеи русзура иаԥырхагахоит. Ари азакәан аартызаара иазкым, уи еиԥшым агәаанагарақәа рыҿагылареи атәылауаҩратә уаажәларра ркыдцалареи ауп хықәкыс иамоу», — иануп аҳәамҭа аҿы.

Аҳәамҭа инақәыршәаны, OSCE иалоу 37 тәылақәа Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟарҵоит аполитикатә партиақәеи атәылауаҩратә еиҿкаарақәеи зегьы рҿы аинклиузивтә диалог иалагарц.

Аҳәамҭа рнапы аҵарҩит: Албаниа, Австриа, Бельгиа, Босниа Герцеговина, Болгариа, Канада, Хорватиа, Кипр, Чехиа, Даниа, Естониа, Финляндиа, Франциа, Бырзентәыла, Исландиа, Ирландиа, Италиа, Латвиа, Лихтенштеин, Литва, Лиуксембург, Мальта, Черногориа, Нидерланды, Аҩадатәи Македониа, Норвегия, Польша, Португалиа, Молдова, Румыниа, Словениа, Испаниа, Швециа, Швеицариа, Британиа, Украина, Германтәыла рхаҭарнакцәа.