Они амуниципалитет ахада ихаҭыҧуаҩ – Раҷа иҟалаз адгьылҳәазара амшала автомобилтә амҩа хада хәҭак аҧхасҭа аиуит, уи еиҭашьақәҳаргылоит, уажәазы ашәарҭара иҟам
Они амуниципалитет ахада ихаҭыҧуаҩ – Раҷа иҟалаз адгьылҳәазара амшала автомобилтә амҩа хада хәҭак аҧхасҭа аиуит, уи еиҭашьақәҳаргылоит, уажәазы ашәарҭара иҟам

 

Они амуниципалитет ахада актәи  ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Нодаришвили иҳәамҭала, Зудали ақыҭан  иҟалаз адгьылҳәазара амшала автомобилтә амҩа хада хәҭак аҧхасҭа аиуит.

Иара иажақәа рыла, амҩа еиҭашьақәдыргылоит.

„Қәҭешьи Алпанеи Мамисони еимыздо амҩа  107-тәи акилометр аҿы  ацҳатә аиасырҭа аиҿкааратә усурақәа мҩаҧысуеит. Аусурақәа рымҩаҧгара иаҧырхагахаша шәарҭарак иҟам.  Аусурақәа ирылахәы ауааҧсыра ҧырхагак рмоурц азыҳәан, аҭагылазаашьақәа зегьы иазҧхьагәаҭоуп.  Амашьына ласқәа рзы амҩа аартуп.  Уажәы амҩа аиҭашьақәыргылара ҳалагоит“, – иҳәеит Гьаргь Нодаришвили.

Қәҭешьи Алпанеи Мамисони, иара убас, Сачхереи Раҷеи еимыздо амҩаҿ аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаҧгараан адгьылҳәазара шыҟалаз азы  аинформациа аланарҵәеит Автомобилтә мҩақәа рдепартаментгьы. Уаҟа ишырҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу амҩатә цыҧҵәахаҿы иҟоу аҭӡамц ишьаны иҟан, убри аҟынтә, амҩа апарапетқәа рыла ихкааны иҟан, илеиз адгьыл ихкааны иҟаз аҭыҧ иахымсит.