Харагаули амуниципалитетаҿ адгьылҳәазараан иӡыз ахаҵа иҧшаара иаҿуп
Харагаули амуниципалитетаҿ адгьылҳәазараан иӡыз ахаҵа иҧшаара иаҿуп

Харагаули амуниципалитет Марелиси ақыҭан  77 шықәса зхыҵуа ахаҵа ишьҭоуп.

Уажәазы иҟоу аинформациала, иацы, аихамҩатә магистраль иазааигәаны, адгьылҳәазаратә процессқәа иалагеит. Зыӡбахәы ҳәоу ахаҵа ирахә данашьҭахь, адгьылҿыбгара ҟалеит.  Аҭыҧаҿ аус руеит  Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рхылаҧшра амаҵзура аиқәырхаҩцәеи Қырҭтәылатәи аихамҩа атехникатә гәыҧи.

Уажәазы аихамҩақәа ҧшьба рҟынтәи хҧа анышәла  ихҩоуп. Аидаратә адәыҕбақәа цәаҳәак мацарала иныҟәоит, апассаџьыртә адәыҕәбақәа реиҭаҵра ҟалом.  Адгьылҳәазара амшала аимадаратә аҳақәеи  арельсқәеи аҧхасҭа роуит.