Харагаули ақәоура иахьаны апроблемақәа цәырҵит
Харагаули ақәоура иахьаны апроблемақәа цәырҵит

Харагаули иаҵанакуа Молиҭии, Ванахии, Лнӷвнисии Ҵиԥии  ақәоура иахьаны апроблемақәа цәырҵит, ақәоура ашьҭахь аҩнқәа аӡы рыҵалеит Ари аанацҳаит Харагаултәи амуниципалитет ахадара.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, аԥсабаратә рыцҳара аликвидациатә усурақәа ихы алаирхәоит Храгаули ахада Каха Лурсманашвили

„Атехника ҷыда амобилизациа азууп. Харагаултәи амуниципалитет ахадара аԥсабаратә рыцҳара алҵшәа аликвидациатә усурақәа иаразнакҵәҟьа алагеит”,  – иануп аинформациа аҿы.