Onefootball агәаанагарала, Килиан Мбапе ицынхурас Хвича Кварацхелиа дыхәмаруеит #1TVSPORT
Onefootball агәаанагарала, Килиан Мбапе ицынхурас Хвича Кварацхелиа дыхәмаруеит #1TVSPORT

Киллиан Мбапе “Пари Сен-Жермен” аанижьыр, иҭыԥ ахь Хвича Кварацхелиа дааргар ҟлап,- аанацҳаит  Onefootball акьыԥхь  90min аҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

“Аԥхын азы Киллиан Мбапе аклуб аанижьыр, “Пари Сен-Жермен” “Наполи” аеҵәа, Хвича Кварацхелиа ииагара аҭаххоит“, – аанацҳаит Onefootball.

Франциатәи аизга акаԥдани “Пари Сен-Жермен” реиқәшаҳаҭра аҿҳәара нҵәоит 2024 шықәса рашәара 30 рзы. Аклуб анапхгара шықәсык ацҵара рҭахуп, аха акьыԥхьқәак ишаарыцҳауа, ихаҭа Мбапе “Реал” ахь иасра иҭахуп.