Олаф Шольц – Урыстәыла арратә аиааира иақәгәыҕуеит, аха уи зыҟалом
Олаф Шольц – Урыстәыла арратә аиааира иақәгәыҕуеит, аха уи зыҟалом

Германтәыла аканцлер иҳәамҭала, Урыстәыла уажәгьы арратә аиааира иақәгәыҕуеит, аха,  уи зыҟалом.  Олаф Шольц ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Германтәыла азакәанҧҵаратә органаҿ данықәгылоз.

«Урыстәыла уажәгьы Украинаҿ арратә аиааира иақәгәыҕуеит, аха,  уи зыҟалом. Ҳареи апартниорцәеи наҟ-наҟгьы Украина ҳацхраауеит. Путин иимпериалисттә хықәкқәа нагӡара шырмоуа шаҟа ирласны еиликаауа аҟара, аибашьрагьы иаҳа ирласны ихыркәшахоит», — иҳәеит Шольц.

Германтәыла аканцлер иҳәамҭала, Путин аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгареи аҭынчра ашьақәыргылареи  дазыхиам.

Германтәыла аканцлер Китаи анапхгара рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Урыстәыла абџьар аҭара иаҟәыҵырц.