Олаф Шольц Сербиеи Евроеидгыла алалара зҭаху Балканқәа егьырҭ атәылақәеи рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Евроеидгыла Урыстәыла азышьақәнаргылаз асанкциақәа рхы иадырхәарц
Германтәыла аканцлер Олаф Шольц Сербиеи Евроеидгыла алалара зҭаху Балканқәа егьырҭ атәылақәеи рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Евроеидгыла Урытәыла азышьақәнаргылаз асанкциақәа рхы иадырхәарц.
“Евроеидгыла алалара апроцесс аҿы иҟоу атәылақәа Евроеидгыла Урыстәыла азышьақәнаргылаз асанкциақәа рхы иадырхәап ҳәа ҳазыԥшуп”, – иҳәеит Германтәыла аканцлер.
Германтәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Евроидгыла Сербиа ахь изныкымкәа ааԥхьара ҟанаҵеит Евроеидгыла Урыстәыла азышьақәнаргылаз асанкциақәа рхы иадырхәарц. Сербиа ахада Вучич ари иаҭакны аҳәамҭа ҟаиҵеит “Сербиа зхы иақәиҭу тәылоуп, аӡбарақәа ҳара ҳзала ҳадаҳкылоит” ҳәа.