Олаф Шольц Израиль даҭааит
Олаф Шольц Израиль даҭааит

Германтәыла аканцлер Олаф Шольц Израиль даҭааит, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Шольц Израиль аԥыза-министр Биниамин Неҭаниаҳуи ахада Исаак Герцоги дырԥылоит.

Иорданиа имҩаԥгаз апресс-конференциаҿ Олаф Шольц ишааицҳаз, Израиль адгылара азааирԥшыроуп.

Иара убас Шольц ааԥхьара ҟаиҵеит Газа агуманитартә цхырааразы ишәарҭам акоридор аадыртырц.

“Палестина Ҳамас ракәӡам, Ҳамас палестинаа рыхьӡала ацәажәара зин амаӡас. Газа иқәынхо палестинаагьы Ҳамас аҟынтә аԥхасҭа роуит”, – иҳәеит Шольц.