Олаф Шольц - Ҳара илабаблу хықәкы амоуп, Урыстәыла мчыла аҳәаақәа рырҭбаара алымшароуп
Олаф Шольц - Ҳара илабаблу хықәкы амоуп, Урыстәыла мчыла аҳәаақәа рырҭбаара алымшароуп

Аибашьра ҳҳәақәа иазааимгәахарц, Германтәыла Киев ацраауеит, – иҳәеит Германтәыла аканцлер Олаф Шольц иҟаиҵаз авидеоааԥхьараҿ. Аканцлер Украина ицо аибашьреи, Урыстәыла аполитикатә курси дрыхцәажәеит.

Олаф Шольц ишазгәеиҭаз ала, Украина адгылара ахымԥадара мацара акәым, Германтәыла ашәарҭадара азҵаара дазхәыцуеит.

Иажәақәа рыла, германтәылауаа Европаҿ аҭынчра рҭахуп.

Германтәыла аканцлер ишазгәеиҭаз ала, Германтәыла адәныҟаполитикатәи акурс апринципқәа рыла ишьақәгылоуп – Украина агуманитартәи, афинанстәи, арратә-техникатә адгылареи, аимак аескалациеи Урыстәылеи Нато-и рыбжьара аибашьра алагара аԥырҟәҟәаара, ЕАШ анапхгараҭарала адгылаҩцәеи апартниорцәеи ркоординациа.

Аканцлер иажәақәа рыла, Украина аибашьра иалагеижьҭеи Германтәыла.