Оҭар Шьамугиа Аӡахәеи аҩи жәларбжьаратәи реиҿкаара 100 шықәсатәи аиубилеи инамаданы имҩаԥгаз аминистериал аҿы дықәгылеит
Оҭар Шьамугиа Аӡахәеи аҩи жәларбжьаратәи реиҿкаара 100 шықәсатәи аиубилеи инамаданы имҩаԥгаз аминистериал аҿы дықәгылеит

Қырҭтәылa Аҧсабарахьчареи aқыҭaнхaмҩеи рминистр Оҭар Шамугиа Италиатәи ареспублика Бреша ақалақь аҿы Аӡахәеи аҩи жәларбжьаратәи реиҿкаара (OIV)  100 шықәсатәи аиубилеи инамаданы имҩаԥгаз аминистериал  ихы алаирхит.

Асунагӡатә рхы аладырхәит 40 тәыла рминистрцәеи ачинҳаракҩцәеи.

Иқәгылараан аминистр Қырҭтәыла аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи рхырхарҭа аҵак ҷыдеи аҿиара аполитикеи дрыхцәажәеит.

Оҭар Шьамугиа ишазгәеиҭаз ала, аминистериал аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи рхырхарҭаҿ иҟоу ааԥхьарақәа рыӡбара амҩақәа раарԥшразы алшара бзиоуп.

Италиатәи ареспублика Бреша ақалақь аҿы Аӡахәеи аҩи жәларбжьаратәи реиҿкаара (OIV)  100 шықәсатәи аиубилеи инамаданы имҩаԥгаз аминистериал далахәын Аҩы амилаҭтә агентра ахантәаҩы Леван Мухузлеи Милан ақалақь аҿы Қырҭтәыла аконсул хада Наталиа Корӡаиеи.