Оҭар Кахиӡе -  Аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аилатәара ашҟа   Иракли  Шоҭаӡе иааҧхьареи Мирза Субелиани абахаҭаҿы иҿахәы имхреи ргәыиҭоуп
Оҭар Кахиӡе -  Аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аилатәара ашҟа   Иракли  Шоҭаӡе иааҧхьареи Мирза Субелиани абахаҭаҿы иҿахәы имхреи ргәыиҭоуп

 

Хорава имҩаҿы иҟалаз ауаҩшьра аус  ҭызҵаауа аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аилатәара ашҟа ҧасатәи апрокурор хада Иракли  Шоҭаӡе иааҧхьара ргәыиҭоуп. Иара убас Мирза Субелиани абахҭаҿы иҿахәы имырхроуп. –  ари атәы ааицҳаит аоппозициатә депутат, аусеилыргаратә комиссиа амаӡаныҟәгаҩ Оҭар Кахиӡе.

Уи иҳәамҭала,  уаҵәы акомиссиа аилатәара Қәҭешь, апарламент аҿы имҩаҧысуеит. Уаҵәтәи аилатәараҿы акомиссиа ашҟа иааны аилыркаарақәа рыҟаҵара зықәшәо ауаа рсиа еиқәдыршәоит.

Адепутат иҳәамҭала, асиа ианырҵоит апрокурорцәеи, аусеилыргаҩцәеи, зықәра наӡам ашколәхыҷқәеи, ашаҳаҭцәеи, акрызҵазкәа аинформациа змоу егьырҭ ауааҧсыреи.