Нино Қадагиӡе  - Аӡбарҭаҿ акоррупциа иазку изакәызалак ҳәамҭак сыдыскылом, аӡбаҩ цыҧхьаӡа ихақәиҭра сыхьчоит
Нино Қадагиӡе  - Аӡбарҭаҿ акоррупциа иазку изакәызалак ҳәамҭак сыдыскылом, аӡбаҩ цыҧхьаӡа ихақәиҭра сыхьчоит

«Аӡбарҭаҿ акоррупциа иазку изакәызалак ҳәамҭак сыдыскылом, аӡбаҩ цыҧхьаӡа ихақәиҭра сыхьчоит», — илҳәеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилаки ахантәаҩы  Нино Қадагидзе.

Лара ишылҳәаз ала, америкатә аган лколлегацәа акоррупциа рхараҵаразы шьаҭас ирымаз аршаҳаҭгақәа лырымҭеит.

«Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аргама ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп,  избанзар, Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак иҧыларазы аҳәара аныҟарҵа, иара зыҧшра ҟамҵакәа ҳаҳәара наигӡеит.  Ишубарҭоу ала, џьоукы аполитикатә хҭысқәа аӡбарҭашҟа ииаргар рҭахуп. Мамзар, Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ҳаӡбаҩцәа рзы абри аҩыза ипрецедентдоу аӡбара зидикылаз сзеилкаауам. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аӡбаратә системаҿ имаҷымкәа аҳасабтәқәа иҟан, аха, аӡбаратә система ахаангьы уажәеиҧш  акоррупциантә ахы иақәиҭӡамызт. Убри аҟынтә,  аӡбарҭаҿ акоррупциа иазку изакәызалак ҳәамҭак сыдыскылом. Сара, хаҭала аҳәара шыҟасҵазгьы,  америкатә аган сколлегацәа акоррупциа рхараҵаразы шьаҭас ирымаз аршаҳаҭгақәа сырымҭеит. Сара,  Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилаки ахантәаҩы лаҳасабала, аӡбаҩ цыҧхьаӡа ихақәиҭра сыхьчоит», — илҳәеит  Нино Қадагиӡе.