Николоз Самхарӡе – ОБСЕ Апарламенттә Ассамблеиа ажәахә иацырҵо анҵамҭаҿы Сириа анапхгара рахь ааҧхьара ҟарҵоит Аҧсни Цхинвалтәи арегиони  «рхьыҧшымра» аҧыхра иазкны
Николоз Самхарӡе – ОБСЕ Апарламенттә Ассамблеиа ажәахә иацырҵо анҵамҭаҿы Сириа анапхгара рахь ааҧхьара ҟарҵоит Аҧсни Цхинвалтәи арегиони  «рхьыҧшымра» аҧыхра иазкны

Адәныҟатәи аимадарақәа рзы акомитет ахантәаҩы, ОБСЕ Апарламенттә Ассамблеиаҿы Қырҭтәыла еснагьтәи аделегациа анапхгаҩы Николоз Самхараӡе иинициативала, ОБСЕ Апарламенттә Ассамблеиа ажәахә даҽа нҵамҭак ацырҵоит, уи аҿы Сириа анапхгара ҿыц рахь ааҧхьара ҟарҵоит Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа –  Аҧсни Цхинвалтәи арегиони, иара убас, Украина аҵакырадгьылқәа – Донецктәи Лугансктәи атәылаҿацәқәеи  рхьыҧшымра аҧыхра иазкны.

Анҵамҭа инақәыршәаны,  ОБСЕ Апарламенттә Ассамблеиа Сириа анапхгара рахь ааҧхьара ҟанаҵоит Қырҭтәылеи Украинеи рҵакырадгьылтә акзаара иазхарҵарц.

«Шәеиҳара ирзымдыруазар ҟалап Сириа ҧасатәи анапхгара, Урыстәыла адҵала, ақырҭуа регионқәа Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи, иара убас, Украина аҵакырадгьылқәа – Донецктәи Лугансктәи атәылаҿацәқәеи  рхьыҧшымра  шазхарҵаз.  Убри аҟынтә, Сириа иазку ажәахә аҿы уи хымҧада иазгәаҭатәуп, избанзар, Сириа ОБСЕ Апарламенттә Ассамблеиа иалоу 2 ҳәынҭқаррак – Қырҭтәылеи Украинеи рҵакырадгьылтә акзаара еиланагоит», — иҳәеит  Николоз Самхараӡе.