Никол Пашиниан ишааицҳаз ала, азербаиџьантәи арбџьармчқәа аурыс аруаа амацәаз иҭаркит
Никол Пашиниан ишааицҳаз ала, азербаиџьантәи арбџьармчқәа аурыс аруаа амацәаз иҭаркит

Шәамахьтәыла Аҧыза-министр Никол Пашиниан ишааицҳаз ала, ашәамахь аган ринформациа инақәыршәаны, Гадруттәи араион аҿы азербаиџьантәи ар шәамахьтәылатәи аруааи аурыс аҭынчрачаҧаҩцәеи амацәаз иҭаркит. Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит арадио «Ахақәиҭра» аинтервиу анеиҭоз.

«Аимадара аганахьала апроблемақәа иҟоуп, аурыс аҭынчрачаҧаҩцәагьы акоммуникациа аганахьала апроблемақәа рымоуп. Убри азоуп уаҟа акризистә ҭагылазаашьа зыҟоу», — иҳәеит Пашиниан.

Шәамахьтәылатәи АИХ адыррақәа рыла,  100ҩык раҟара ашәамахь аруаа итҟәаны иргеит.