Никол Пашиниан – Қарҭ адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рхаҭыҧуаа реиҧылара аформат аинтерес ду аҵоуп, ари аформат ақәҿиара ахылҵырц азыҳәан Қырҭтәыла аҧыза-министр иҟаиҵо ашьаҿақәа рыхә ҳшьоит
«Қарҭ адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рхаҭыҧуаа реиҧылара аформат аинтерес ду аҵоуп, ари аформат иаҳа иҭбаахап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан Тирана имҩаҧысуа Европатәи аполитикатә уаажәларра асаммит иалагаанӡа.
Никол Ҧашиниан Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рхаҭыҧуаа реиҧылара дахцәажәеит.
«Уажәааны Қарҭ имҩаҧган адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рхаҭыҧуаа реиҧылара. Ари аформат аинтерес ду аҵоуп, ҳаҧхьаҟа уи иаҳа иҭбаахап ҳәа ҳгәыҕуеит. Ари аформат ақәҿиара ахылҵырц азыҳәан Қырҭтәыла аҧыза-министр иҟаиҵо ашьаҿақәа рыхә ҳшьоит», — иҳәеит Никол Ҧашиниан.
Мшаҧы 17 рзы Қырҭтәылеи, Азербаиџьани, Шәамахьтәылеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рхаҭыҧуаа Қарҭ еиҧылеит.